Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гадлиа Аҟәатәи афымцатә зауад аусуразы: "Сухумприбор" аҿы ауникалтә цех ҳаман

© Foto / Леонид ГадлияМарлен Гадлия
Марлен Гадлия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
60 шықәса раԥхьа аусура иалагеит Аҟәатәи афымцатә азауад. Уи акционертә еилазаара аиҳабы Марлен Гадлиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит асовет аамҭазы азауад аус шауаз, иара убас иахьатәи аамҭазы уаҟа иҭрыжьуа аалыҵқәа ртәы далацәажәеит.
Гадлиа Аҟәатәи афымцатә зауад азы аусуразы: ҳадгьылҵакыра абжеиҳарак ахәҳаахәҭра иатәуп

"Асовет мчра аамҭазы "Сухумприбор" аоргтехника ҳәа изышьҭоу амаҭәарқәа рахь иаҵанакуа ҭнажьуан. Иҟан ауникалтә цех, акаламқәа ҭзыжьуаз. Асовет мчра ахьынӡанаӡааӡоз аҳәынҭқаррақәа рахьынтә ҳара ҳакәын урҭ ҭзыжьуаз. Мызкы иҟарҵон шә-миллионк инареиҳаны. Гал иҳаман азауад афилиал, Ажарагьы ус, иааизакны 1500-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра аус руан. Аибашьра ашьҭахьгьы азауад иамаз амаругақәа еиқәхеит, аха дара ахьажәыз аҟынтә иқәган, аусураҿы дара маншәаламызт, ақәра ду рыман. Анаҩс, Аминистрцәа реилазаара иҟарҵаз ақәҵарала азауад ахыбрахь аџьармыкьа хадаҟнытә ииаган амаҭәақәа зҭиуаз. Иҳамаз амашьынақәа абжеиҳарак ықәган. Аха иахьагьы азауад аус ауеит, аиха иалху аалыҵқәа ҭҳажьуеит, агәашәқәа уҳәа. Уажәы иаҟәыҵит акәымзар, ачаи хырффагақәагьы ҭҳажьуан. Уи адагьы Урыстәыла аӡиасқәа рҿы иху аӷбақәа рзы иҭҳажьуеит маругак, уажәы аҿаҵатәы маҷуп, аха акык-ҩбак уеизгьы иҳамоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гадлиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0