Очамчыра аԥҳәыс дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟаз амилициа иҽриҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНаручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ауаҩшьра ҟалеит иаалырҟьахаз аимак иахырҟьаны. Ауҩы дишьит ҳәа агәаанагара ззыҟоу аамҭалатәи аанкыларҭахь днагоуп.

АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Очамчыра инхо ауаҩԥсы тапанчала аԥҳәыс данишь ашьҭахь азинхьчаратә усбарҭақәа рахь днеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Ацәгьоура ҟалеит лаҵара 3, асааҭ 13:00 рзы Баграт Шьынқәба имҩаду аҟны игылоу аҩнеихагылақәа руак аҿы.

"1978 шықәса рзы ииз, Очамчыра инхо Салаҟаиа К. К. аимак иахҟьаны имаз атапанча "Макаров" аҟынтә Очамчыра инхо, 1972 шықәса рзы ииз Езугбаиа Н. Н. длеихсны дишьит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ацәгьоура аҭыԥ аҿы агильзақәа хәба рбеит. Атәылауаҩ Салаҟаиа иакәзар амилициа ихы риҭеит.

Апрокуратура хада апресс-маҵзура аинформациала, Салаҟаиа иганахь ала аусҭҵаара хацыркуп.

Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Очамчыра араион апрокуратура, Очамчыра араион аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа алархәны.

Ажәабжьқәа зегьы
0