АҞӘА, лаҵара 4 – Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы COVID-19 азы Аԥсны жәаҩык рхы гәарҭеит, урҭ аӡәгьы авирус имамызт.
Абас ала атәылаҿы ичмазаҩу ҳәа уаҩ дыҟам.
Краснодартәи атәылаҿацә ахадара асаит аҟны ашәахьаҽны аинформациа цәырҵит аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рыла Ҟәбан авирус зыдбалоу быжьҩык Москвеи, Хабаровски, Аԥсни рҟынтәи инеиз ирҿыркааит ҳәа.
Аԥсны аҳәынҭқарратә санитартә-епидемиологиатә маҵзура иаҿаԥнаҽит акоронавирус Аԥснынтәи Урыстәылаҟа инанагеит ҳәа ицәырҵыз аинформациа.
"Ари мцуп. Роспотребнадзор уи шьақәнамырӷәӷәеит", - ҳәа лҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>