АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Аԥсны даҽа ҩыџьа акоронавирус шрымоу шьақәырӷәӷәоуп ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абасала Аԥсны авирус змоу рхыԥхьаӡара жәаҩаҩык рҟынӡа инаӡеит.
Иазгәаҭоуп руаӡәк иацы аҩныҟа ихынҳәыз урыстәылатәи аҵараиурҭа астудент иоуп, аҩбатәигьы ааигәа Аԥсныҟа дааит, уи COVID-19 имазар ҟалоит ҳәа ахәышәтәырҭахь днаган.
Уаанӡа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭашәаз апациентцәа рҭагылазаашьа цәгьам, иахәҭоу атерапиа иахрыжьуеит.
Мшаԥымзазы Аԥсны авирус рыдбалан хҩык ҳуааԥсыра. Урҭ рҟынтәи ҩыџьа ахәышәтәырҭа иҭан, ргәы бзиаханы иҭҩаауп. 1925 шықәса рзы ииз ачымазаҩ лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәырԥхьар ҟалоит абра>>