Урыстәыла аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 10 028 коронавирус хҭыс азгәаҭоуп

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГоспиталь COVID-19 НМИЦ ССХ им. А. Н. Бакулева Минздрава РФ
Госпиталь COVID-19 НМИЦ ССХ им. А. Н. Бакулева Минздрава РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иаалагазар Урыстәыла иахьаҵанакуа 242 271-ҩык акоронавирус рыхьхьеит 85 регион рҿы. Апандемиа иалагӡаны иԥсхьеит 2212-ҩык, ргәабзиара шьақәгылахьеит 48 003-ҩык.

АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Урыстәыла аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла 10 028 коронавирус хҭыс ҿыц аҭыԥ рыман 83 регион рҿы ҳәа аанацҳауеит Москва COVID-19 аҿагылараз аоперштаб.

Уахыки-ҽнаки рыла ргәабзиара еиӷьхеит 4491-ҩык, иԥсит 96-ҩык.

Акоронавирустә инфекциа аҟазшьақәа рыдбаламызт 44,5%.

Урыстәыла аҳҭнықалақь Москва аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки 4703-ҩык COVID-19 рыдбалан. Иахьазы Москва 126 004 пациент абри аҩыза адиагноз рзыҟаҵоуп. Убри аан 80% 65 шықәса иреиҵоуп.

Аԥсны лаҵара 12 рзы аинфекциа змоу жәаҩык ыҟоуп. Дара зегьы Урыстәылантәи ихынҳәыз аԥснытәи астудентцәа роуп. Астудентцәа асасааирҭа "Аиҭар" аҿы акарантин иахысуеит. Дара уажәы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0