Аслан Бжьаниа рашәарамзанӡа ԥкырақәак шыҟоу иаанижьуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНабережная Махаджиров
Набережная Махаджиров  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 15 инаркны азин ыҟоуп анормақәа ирықәныҟәаны акаҳуажәырҭақәа русура, ихацыркхоит ақалақьбжьаратә транспорт аныҟәара.

АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусдҵа инапы аҵаиҩит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа COVID-19 рацәыхьчаразы ԥкырақәак шыҟоу иааныжьзарц.

Адокумент инақәыршәаны рашәара 1, 2020 шықәсанӡа Аԥсны абарҭ акарантинтә уснагӡатәқәа шыҟоу иааныжьхоит:

  • Афатәаалыҵтә, ақыҭанхамҩаалыҵтә, амаҭәаҭирҭатә џьармыкьақәа Аҟәа ақалақьи араионқәеи рҟны аус рулоит аграфик инақәыршәаны, асанитар-епидемиологиатә маҵзура аҭиҩцәа (аусуцәа) рзы ихымԥадатәуп ҳәа ирыланаҳәаз аԥҟарақәа ирықәныҟәаны (амедицинатә сабрадақәа, амедицинатә напҭарԥақәа). Асанитар-епидемиологиатә маҵзурақәа аамҭа-аамҭала аџьармыкьақәа иахьрыҵаркуа апрофилактикатә рзҩыдара мҩаԥыргалоит.
  • Амассатә, акультуратә, аспорттә, арлахҿыхратә, аӡыргаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара азин ыҟам.
  • Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иарбоу аамҭа аҩнуҵҟа ачаратә, аныҳәатә залқәа иара убасгьы аресторанқәеи егьырҭ акрыфарачаратә обиектқәеи русура рзин ыҟам.
  • Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны атуристтәи аекскурсиатәи усура азин ыҟам. Атуристцәеи аекскурсантцәеи зҭаауа аобиектқәа русура аанкылоуп.
  • Асасааирҭақәа, агәабзиарачаԥарҭақәа, асасааирҭа ҩнқәа, иара убас даҽа ҭыԥқәак рыҟны аҭыԥ аанкылареи ауааԥсыра рыдкылареи рыҩнаҵареи азин ыҟам.
  • Аԥсны Аҳәынҭқаррахь аԥсуа-аурыс ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ирхысны аҭалара азин рымам аҳәаанырцә тәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аккредитациа змоу адипломатиатә усҳәарҭақәа русуҩцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ААМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аррамаҵзуҩцәа, Еиду урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа, жәларбжьаратәи аидарақәа мҩанызго атранспортқәа рныҟәцаҩцәа, аидаратә дәыӷбақәа рныҟәцаҩцәа алхны.
  • Ҳазада ахәаахәҭра ахьымҩаԥысуа адәқьанқәа (диути-фри) русура аԥсуа-аурыс аҳәынҭқарратә ҳәааҟны аусура азин рымам.
  • Аспорттә залқәа, СПА-салонқәа, асаунақәа, амассажтә салонқәа аусура азин рымам.
  • Астоматологиатә маҵзурақәа рынагӡара иазку аусура иаарласны, хырԥашьа змам аформақәа рыҟны астоматологиатә цхыраара ахьаҭаху ачымазарақәеи аҭагылазаашьаақәеи аламҵакәа азин ыҟам.
  • Акультура аусҳәарҭақәа (атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, акультуратә центрқәа, акультура аханқәа, аконцерттә залқәеи аҭоурых-культуратә ҳәырԥсаррақәа) русура 2020 шықәса рашәара 1 аҟынӡа русура азин ыҟам.
  • Ахәыҷтәы школқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәа русура азин ыҟам.
  • Ашколқәа рҟны арҵаратә процесс амҩаԥгара азин ыҟам 11 аклассқәа рҟны иахәҭоу асанитар-епидемиологиатә ҭахарқәа ирықәыршәаны аԥышәарақәа рымҩаԥгара ада.
  • Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Аҟәатәи иаарту аинститути рҟны, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра абжьара-занааҭтә ҵараиуратә усҳәарҭақәа рҟны сынтәатәи аҵарашықәс аанкылазааит, иахәҭоу асанитар-епидемиологиатә ҭахарқәа ирықәыршәаны иарбоу аусҳәарҭақәа ишьақәдыргыло аграфик ала аԥышәарақәеи адипломқәа рыхьчареи аалхны.
  • Аҵараиуратә кружокқәа, аспорттә, акәашаратә, аҽазыҟаҵартә залқәа русура азин ыҟам 2020 шықәса рашәара 1 аҟынӡа.
  • Аҳәынҭқарратә напхгараҭаразы ихадоуи аҭыԥантәии аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи, анаплакқәеи, аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа азин рымам иазгәаҭоу аусбарҭақәа, аусҳәарҭақәа, аиҿкаарақәа русзуҩцәа аҳәаанырцәтәи амаҵураныҟәарақәа рышҟа рдәықәҵара 2020 шықәса рашәара 1 аҟынӡа.

Лаҵара 15 инаркны ахада иусдҵа инақәыршәаны анаҩстәи акарантинтә уснагӡатәқәа рыхәҭак аанкылоуп:

  • Ихацыркхоит ауаажәларратә крыфарачара аобиектқәа русура аишәақәа асоциалтә дистанциа рыбжьаҵаны иргыланы (1,5 метра), амаҵуратә персонал хымԥада ахыхьчара иқәныҟәаны (амедицинатә сабрадақәа, амедицинатә напҭарԥақәа), ачаратәи, аныҳәатәи егьырҭ ауснагӡатәқәеи рымҩаԥгара аалхны.
  • Рашәара 15, 2020 шықәса инаркны ихацыркхоит ақалақьбжьаратә мҩангарақәа.
  • Аҳәынҭқарратә напхгараҭаразы ихадоуи аҭыԥантәии аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи аиҿкаарақәеи 60 шықәса иреиҳаны изхыҵуа аусуҩцәеи ашколқәранӡа иаҵанакуа ахәыҷқәа змоуи рџьатә (рмаҵуратә) напынҵақәа рынагӡараҟнытә рхы иақәиҭыртәырц рабжьгазааит аусура ԥырхага амҭакәа, руалафахәы еиқәырханы.
  • Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи, Агәабзиарахьчара аминистрреи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи рнапы ианҵазааит 2020 шықәса рашәара 1 аҟынӡа аԥсуа-аурыс ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы амедицинатә бригадақәа уахи-ҽни рыҷаԥшьара амҩаԥгара еиҿыркаарц. Абарҭ аусбарҭақәа рнапы ианызааит акоронавирустә инфекциа COVID-19 ахьыҟоу атәылақәа рҟынтәи Аԥсны Аҳәынҭқаррахь иаауа ауаа 14 мшы ҿҳәарас иаҭаны рыԥхьакра аиқәыршәара. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адҵа аҭоуп ахынҳәразы аршаҳаҭга зауз ауаа рганахьала Аԥсны ААР аинформациа азынанашьҭларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0