АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Атуризми, акурортқәеи, аспорти рзы Ҟрым Аҳәынҭхеилак ахантәаҩы Алексеи Черниак Алада урыстәылатәи Апарламенттә Ассамблеиа алахәылацәа авидеоконференциа аформат ала реилатәараан Аԥсны Апарламент аҟны асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы аилак ахантәаҩы Алхас Џьынџьал иахь ажәалагала ҟаиҵеит аԥкрақәа рахыхра ашьҭахь атуристцәа аҳәаа рахысразы аԥҟарақәа рганахьала абжьгарақәа аздырхиарц.
Џьынџьал иажәақәа рыла, аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны атуристцәа атәыла ралаларазы еиҿкаатәуп агәаҭаратә лабораториатә пункт, мамзаргьы атуристцәа ргәабзиара аҭагылазаашьазы аршаҳаҭгақәа рымазароуп.
"Ҳуааԥсыра ари азҵаара ашәарҭара рызцәырнагоит. Атуристцәа уи иалаҟьашхар ахәҭам", - иҳәеит иара.
Алексеи Черниак иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи атуризм азҵаара Урыстәыла ауааԥсыра инарҭбааны ишалацәажәо убри азы Алада урыстәылатәи Апарламенттә Ассамблеиа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Апарламент аҟны асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы аилак ахантәаҩы Алхас Џьынџьал иахь ажәалагала ҟаиҵеит абри азҵаара ҷыдала иҭырҵаар азы ажәалагалақәа еиқәиршәарц Алада урыстәылатәи Апарламенттә Ассамблеиа аусураан иалацәажәартә еиԥш.
Алада урыстәылатәи Апарламенттә Ассамблеиа XXXII аконференциа аусура иалагеит лаҵара 14 рзы. Апарламенттә Ассамблеиа алахәылацәа авидеоконференциа аформат ала реилатәара мҩаԥысуеит ҩымш. Иазԥхьагәаҭоуп 30 рҟынӡа зҵаара рылацәажәара.
Алада урыстәылатәи Апарламенттә Ассамблеиа аԥҵан мшаԥы 25, 2001 шықәса рзы. Иахьазы иара аилазаараҿ иҟоуп: иааиԥмырҟьаӡакәа иҟоу алахәылацәа (Аҳәынҭқарратә Хеилак: Хасэ – Адыга Республика, Адума – Астрахантәи аобласт, Адума – Волгоградтәи аобласт, Жәлар р-Хурал (Апарламент) – Ареспублика Калмыкиа, Краснодартәи атәылаҿацә азакәанԥҵаратә еизара, Ростовтәи аобласт азакәанԥҵаратә еизара, Ареспублика Ҟрым аҳәынҭқарратә Хеилак, Севастополь ақалақь азакәанԥҵаратә еизара); ассоциациатә лахәылацәа: (Ингәыштәыла Жәлар Реизара, Ҟарачы-Черқьесск Жәлар Реизара (Апарламент), Аҩадатәи Уаԥстәыла – Аланиа Жәлар Реизара, Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара – Апарламент Алада урыстәылатәи Апарламенттә Ассамблеиа иалалеит цәыббра 30, 2005 шықәса рзы Алада урыстәылатәи Апарламенттә Ассамблеиа VI аконференциа аӡбарала.