АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Беслан Ешба аколлектив дыдирдырит ихаҭыԥуаҩ ҿыц –Автандил Сурманиӡе. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
"Ари ауаҩ акоммуналтә усхк аҟны аԥышәа имоуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра даветерануп. Сгәыӷуеит ҳәоуеиқәшәала ҳусура мҩаԥаагап ҳәа. Ҳаԥхьаҟа аиҭакрақәа ҳзыԥшуп. Уи ашьҭахь зегьы ижәдырран шәыҟоуп схаҭыԥуаа дасу иарбан хырхарҭоу инапы ианыло", - иҳәеит Беслан Ешба.
Автандил Сурманиӡе ҭабуп ҳәа ахиҳәааит ирҭаз агәрагара.
"Сара ара аус зухьеит. Издыруа шәрацәаҩуп. Ҳусеицура ақалақь азы хра аманы иҟалоит. Аҟәа инхо зегьы рзы аманшәалара аҵаны иҟазароуп анхара. Исышәҭаз агәрагара саԥсахап ҳәа сыҟоуп", - иҳәеит иара.
Автандил Сурманиӡе диит абҵара 11, 1967 шықәса рзы. 1986-1988 шықәсқәа раан Асовет ар рҿы аррамаҵзура дахысуан.
Аџьынџьтәылатә еибашьраан агәыԥ "Каскад" даланы деибашьуан Мрагыларатәи афронт аҿы.
1999 шықәса рзы Башкириатәи аҳәынҭқарратә университет далгеит.
2008 шықәса рзы Кәыдрытәи аиҩхаа аҭарцәра далахәын.
2010 - 2014 шш. – Аҩнытә усбарҭа №1 аҟны аус иуан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: