Ԥшьымш рыла Аԥсны аҳәаа 453-ҩык ауаа ахысит

© Sputnik / Акоп Кущян Граница Псоу
Граница Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА амедицинатә бригада аԥсуа-аурыс ҳәааҿы уахи-ҽни иҷаԥшьоит ареспубликахь иаауа рхылаԥшразы.

АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Аԥсны–урыстәылатәи аҳәаа лаҵара 14-17 рыла иахысит 453-ҩык ҳәа иҳәеит аԥыза-министр имҩаԥигоз аилацәажәараҿы аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

188-ҩык – Аԥсны иатәылауаауп, рыхәҭак – аҩныҟа иаауа акурсантцәа роуп.

53-ҩык – Урыстәылатәи Афедерациа аррамаҵзурауаа.

Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы аусмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Ԥсоу аҳәаа иаҵанакуа аҵакыра рзҩыдан - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АҶА аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" арзҩыдара мҩаԥнагеит

212-ҩык – атәыла аиҳабыра русдҵа иаҵанакуа атранспорт хархәагақәа ирныҟәцаҩцәоуп.

"Лаҵара 14 рзы Аԥсны АҶА аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы игылеит. АҶА аусзуҩцәа рнапы иануп аҳәаа иахысуа ршоура ашәара, аинформациа аус адуланы Агәабзиарахьчара аминистрреи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи рахь рынашьҭра", – ҳәа иҳәеит Кәыҵниа.

Аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит лаҵара 14-18 рзы АҶА аусзуҩцәа аушьҭырҭатә ҭыԥ иаԥну 800 метр ԥшьыркца шдырзҩыдаз.

Александр Анқәаб АҶА анапы ианиҵеит аҭыԥантәи амчрақәеи араионқәа рхадарақәеи рҭаххаралеи рақәшаҳаҭралеи аусбараҭқәа рырзҩыдара мҩаԥыргаларц.

Аԥсны ахада Аслана Бжьаниа иусдҵала, лаҵара 14 инаркны Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи Агәабзиарахьчара аминистрреи Аҩнуҵҟатәи аусқәа римнистрреи рашәара 1 аҟынӡа амедицинатә бригадақәа рыҷаԥшьара еиҿыркааит атәыла аҳәааҿы.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0