Путин: Урыстәыла акоронавирус ашыкьымҭа иахысит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕжегодная большая пресс-конференция президента РФ В. Путина
Ежегодная большая пресс-конференция президента РФ В. Путина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы Урыстәыла иахьаҵанакуа 362 342 коронавирустә хҭыс азгәаҭоуп 85 регион рҿы.

АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит атәыла иахьаҵанакуа акоронавирус ашыкьымҭа ҳахысит ҳәа аҟазауаа агәаанагара шрымоу. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Авидеоконференциа арежим ала имҩаԥысуаз Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигуи иареи риеԥылараан Путин ҭабуп ҳәа реиҳәеит Италиа, Сербиа, Босниеи Герцеговинеи уҳәа атәылақәа COVID-19 иаҿагыланы русураан ацхыраара рызҭаз аминистрра амедицинатә хәҭақәа.

"Иҳәатәуп уажәгьы ацхырааразы аҳәарақәа шҳауа. Авирус ашыкьымҭа ҳахысит ҳәа ирыԥхьаӡоит аҟазауаа, аха ус шакәугьы иҟаҳҵаз ахәшьара аҭоуп адунеи аҿы", - иҳәеит Путин.

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла иаарԥшын 8915 коронавирус хҭыс ҿыц 83 регион рыҟны.

Уахыки-ҽнаки рыла 174-ҩык акоронавирус змаз рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара шьақәгылеит 12 331-ҩык. Апандемиа ааҟалеижьҭеи Урыстәыла иахьаҵанакуа 3 807-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара ҭышәынтәалеит 131 129-ҩык.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0