Рашәара 24 рзы Москва Аиааира апарад мҩаԥгахоит

© Sputnik / Alexander Vilf / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВсепогодный тактический зенитный ракетный комплекс "ТОР-М2" на военном параде на Красной площади, посвящённом 74-й годовщине Победы в Великой Отечественной войне
Всепогодный тактический зенитный ракетный комплекс ТОР-М2 на военном параде на Красной площади, посвящённом 74-й годовщине Победы в Великой Отечественной войне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы аиааира 75-шықәса ахыҵра амшныҳәа амҩаԥгара аԥсахрақәа аланагалеит акоронавирустә пандемиа. Аиааира апарад арыцхә ахыган.

АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аиааира апарад амҩаԥгара арыцхә ҳәа рашәара 24 шьақәиргылеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Адҵа ҟасҵоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы Аиааира 75-шықәса ахыҵра амшаз арратә парад аҽазыҟаҵара иалагазарц Москвеи Урыстәыла егьырҭ ақалақьқәеи рҿы. Апарад мҩаԥгахоит рашәара 24 рзы - 1945 шықәса рзы Ашҭа ҟаԥшь аҟны аиааирагаҩцәа рпарад анымҩаԥысыз амш аҽны", - иҳәеит Путин Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигуи иареи русутә еиԥылараан.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу инапы ианҵоуп ашәарҭадара аиҿкаара.

Путин иара убасгьы иазгәеиҭеит "Ԥсра зқәым архәҭа" аныҟәараан асоциалтә дистанциа ақәныҟәара шыуадаҩу, убри азы Арра-мшынтә мчқәа рпарад ашьҭахь, ԥхынгәы 26 рзы ишымҩаԥгахо.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы аиааира 75-шықәса ахыҵра амшныҳәа амҩаԥгара аԥсахрақәа аланагалеит акоронавирустә пандемиа. Аиааира апарад арыцхә ахыган.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0