АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус хҭыс ҿыц аарԥшым, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
"Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы акоронавирус рылоу ирыламу агәаҭаразы атест рзыҟаҵан 38-ҩык ауааԥсыра, урҭ зегьы рцәа акоронавирус шаламыз шьақәырӷәӷәоуп", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
Аҟәатәи асасааирҭа "Аиҭар" аҟны аобсервациаҿы иҟаз рахьтә хҩык амедициантә усзуҩцәеи ԥшьҩык акурсантәцеи ҭҩаауп.
Иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы 11-ҩык апациентцәа шыҟац иаанхоит, урҭ зегьы акоронавирус аҟынтә ахәышәтәра иахысуеит.
Апандемиа ааҟалеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 28-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә жәохәҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>