Аԥсны Атәылахьчара аминистр ҿыц даҭоуп

© Sputnik Томас ТхайцукВладимир Ануа.
Владимир Ануа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи Аԥсны Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Владимир Ануа ареспублика арратә усбарҭа деиҳабхеит.

АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Атәылахьчара аминистрс аинрал-полковник Владимир Ануа иҟаҵаразы ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Иара абри аусԥҟала Ануа Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩраҟынтә, арратә инспектор хада имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәуп.

Ар реинрал, Аԥсны Афырхаҵа Владимир Ануа диит 1957 шықәса рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан.

1976 шықәсазы Ануа далгеит Аҽгәаратәи совхоз-техникум, анаҩс Асовет ар аҟны аррамаҵура дахысуан. 

1981 шықәсазы дҭалеит Аҟәатәи Асубтропикатә нхамҩа аинститут латәарадатәи аҟәша, убри аамҭазы Тамшьтәи асовхоз-зауад аҟны аусуреи аҵареи еилеигӡон.

1987 - 1992 шш. рзы Тамшь ақыҭа аиҳабыс дыҟан.

1992 – 1993 шш. рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын (Мрагыларатәи афронт аштаб аиҳабы, 1-тәи архәҭа адҵаҟаҵаҩ).

1993 шықәса раахыс Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩси Мрагыларатәи ар рыдҵаҟаҵаҩыси дыҟан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0