Аԥсны акоронавирус ҿыцны аӡәгьы имам

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТест-системы для диагностики нового коронавируса
Тест-системы для диагностики нового коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны аҩныҵҟа акоронавирустә инфекциа амазааразы игәарҭеит 30-ҩык. Уи аԥхьа адиагноз "акоронавирус" рзықәыргылан Москвантәи иааз быжьҩык акурсантцәа.

АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Ииасыз уахи-ҽни рзы Аԥсны аҩныҵҟа акоронавирустә инфекциа амазаара гәарҭеит 30-ҩык рҟны. Урҭ аӡәгьы авирус идбалам ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҟынтәи ауааԥсыра рыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Аԥсшьарҭаҩны "Аиҭар" аҟынтәи иахьа рыҩныҟа иоушьҭуп Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа амедусзуҩцәа хәҩык", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны зынӡа  35-ҩык авирус рыдырбалахьеит. Быжьҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп, 27-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Адунеи зегь аҿы акоронавирус аадырԥшит6-миллионҩык рҟны, Урыстәыла – 400 000-ҩык инарзынаԥшуа рҟны.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0