Адунеи аҟны COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара быжь-миллионк рҟынӡа инаӡеит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГоспиталь COVID-19 в Центре мозга и нейротехнологий ФМБА России
Госпиталь COVID-19 в Центре мозга и нейротехнологий ФМБА России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциа змоу рхыԥхьаӡарала макьаназы аԥхьа игылоуп Еиду Америкатәи аштатқәа, COVID-19 зегь раасҭа имаҷны ирылаҵәоуп африкатәи аҳәынҭқарра Лесото аҿы. Уа ԥшьҩык роуп авирус змоу.

АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Адунеи аҟны COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара быжь-миллионк рҟынӡа инаӡеит ҳәа аанацҳауеит авирус азы аинформациа еизызго Џьонс Хопкинс иуниверситет.

Рашәара 8 азтәи адыррақәа рыла, ЕАА миллионки 942 нызқьҩык рцәа иалоуп, аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит Бразилиа – 690 000-ҩык. Урыстәыла COVID-19 рыдбалоуп 467 нызқьҩык.

Аԥсны авирус зыдбалоу рхыԥхьаӡара 36-ҩык ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи 27-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0