Аԥсны ААР: автосаркьақәа рырлашьцараз азакәан еилазго ахьырхәлатәуп

© Sputnik / Руслан Кривобок / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны ААР: автосаркьақәа рырлашьцараз азакәан еилазго ахьырхәлатәуп
Аԥсны ААР: автосаркьақәа рырлашьцараз азакәан еилазго ахьырхәлатәуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны автомобилтә саркьақәа рырлашьцара азин ыҟам 2012 шықәса раахыс Апарламент ақәҵарала. Иахьазы абри азакәан аилагаразы ахараԥса иартәоит 1800 мааҭ.

АҞӘА, рашәара 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ААР Апарламент ахь аҳәара нанашьҭуеит атранспорттә хархәагақәа рсаркьақәа рырлашьцара анормақәа еиҭарыхәаԥшырц, аха убри аан аилагаразы ахара еиҳа ирӷәӷәазарц иҳәеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар.

"Аԥсны ААР Апарламент ахь аҳәара ҟанаҵоит арлашьцара 50% азин ҟарҵарц аганахьтәи асаркьақәа рҿы, аха убри аан арҭ анормақәа ирықәымныҟәо ахара рықәҵара рӷәӷәазарц ҳҭахуп. Аԥсны ладатәи тәылоуп, амра шуеит, аекспериментқәа ҟаҳҵеит – 50% амашьына аҩнуҵҟа иҟоу ибара алнаршоит, уи ҳусура иаԥырхагам", - иҳәеит Дбар.

Иара иазгәеиҭеит ари азакәан Апарламент аҿы ирыдыркылар аилагаҩцәа аҿагылара ӷәӷәа роуеит ҳәа.

Сотрудник ДПС - Sputnik Аҧсны
Жәеиза шьаҿа: Аԥсны ААР амҩақәа рҿы аԥсҭбарақәа рхыԥхьаӡара шдырмаҷуа

Асаркьақәа рырлашьцара азҵаара уаанӡагьы ишьҭырххьан. 2019 шықәса рзы адепутат Алмас Џьапуа дықәгылеит атранспорт аганахьтәи арлашьцарақәа 30% еиҵамзароуп, аԥхьатәи асаркьа 10 сантиметрак еиҳамкәа ирлашьцазар ауеит ҳәа.

Агәаанагарақәа шеиԥшымызгьы, азакәан апроект рыдыркылт, аха иара убри ашықәс хәажәкырамзазы уи мап ацәыркит. Арҭ аԥҟарақәа рыдкылара Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра азинмчра змоу аусбарҭақәа рыбжьы ақәдмыргеит.

Азинхьчаратә усбарҭақәа асеиԥш рыӡбара ҵаҵӷәдыркит автомашьынақәа рсаркьақәа рырлашьцара амҩабара ладырҟәуеит, аиҳаракгьы амшцәгьаани уахынлеи, иара убасгьы аԥҟара аилагаҩцәа амҩатә камерақәа рҟны иунарбаӡом ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0