Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы ацәгьоурақәа рзы изышьҭаз ҩыџьа ахаҿқәа ааныркылеит

© Sputnik КПП Псоу
КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаанкылоу ахаҿқәа ишьақәыргылоу аԥҟарала рышьҭазаара аԥшьгаҩцәа ирыҭоуп урҭ ԥхьаҟатәи русҭҵаара мҩаԥыргаразы.

АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа иааныркылеит ҩыџьа ашьҭазаара змаз Урыстәыла атәылауаа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Иааныркылаз Аԥсны Аҳәынҭқаррахьынтә ицон аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы ианааныркылоз.

Апресс-маҵзура адыррала, дара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Урыстәыла аҵакыраҿы ацәгьоурақәа ҟарҵахьан.

Иазгәаҭоуп ари ашықәс хәымз рыҩнуҵҟа аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысраан иаанкылан 49-ҩык афедералтәи, жәларбжьаратәи, аҳәынҭқаррабжьаратәи шьҭазаара змаз ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0