АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны акоронавирус азы игәаҭан 8-ҩык атәылауаа, урҭ рахьтә аӡәгьы COVID-19 шиламыз шьақәырӷәӷәан. Абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аԥсны зынӡа авирус здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 36-ҩык ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи ааҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп, 27-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Аԥсны акоронавирустә инфекциазы игәарҭоит аҳәаа иахыҵны иааз ауааԥсыреи COVID-19 асимптомқәа иреиԥшу змоу атәылауааи.
Урыстәыла COVID-19 рыхьхьеит ҳәа иаарԥшуп 493 657-ҩык ауааԥсыра 85 регион рҿы.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>