Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба: ипониатәи амашьынақәа иаҳа "ахыхь" маҷны ирыцуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Астамур Авидзба
 Астамур Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәаанырцәынтә амашьынақәа Аԥсныҟа иааганы изҭиуа Асҭамыр Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акоранавирус чмазара ацәырҵра инапы злаку аус ишаныԥшыз.
Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡба амашьынақәа рыҭира иазкны

Жәларбжьаратәи аидарақәа рзы уадаҩра ыҟаӡам иҳәеит аҳәаанырцәынтә Аԥсныҟа иааганы амашьынақәа зҭиуа.

"Ҩымз инареиҳаны ауаа аус руӡомызт ргәабзиара ашәарҭара иахьҭагылаз аҟынтә. Амашьнақәа еиҳарак ианаҳтиуа апхаррақәа раан ауп. Ауаа аус рзымуит, аԥара рзеизымгеит, убри аҟынтә амашьынақәа рыҭира еиҳа имаҷхеит", - иҳәеит Аҩӡба.

Иара иазгәеиҭеит арыӷьарахь амашьына аԥсҟы анамоу, аныҟәцаҩцәа рзы акыр иманшәалоуп ҳәа узымҳәозаргьы, ахә акыр илаҟәуп ҳәа.

"Иапониатәи амашьынақәа рыхә иаҳа имариоуп Германиа, Америка рмашьынақәа аасҭа. Уи зыхҟьо аҳәара уадаҩуп, рекономика иаҵанакуазар акәхап. Арыӷьарахь аԥсҟы змоу роуп амашьынақәа реиҳарак иааҳго, рыхәгьы иаҳа имаҷуп, насгьы ауаҩы ихы инархьӡом, иаҳа иӷәӷәоуп",- ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0