COVID-19 ачымазцәа зхәышәтәуаз амедусзуҩцәа х-миллионк инареиҳаны ирызшәахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥи лаҵареи амзақәа рзы акоронавирустә инфекциа змаз рыхәышәтәра рнапы алакын 183-ҩык амедицинатә усзуҩцәа.

АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. COVID-19 змаз ачымазцәа зхәышәтәуаз амедусзуҩцәа х-миллионки 223 нызқь мааҭ рҟынӡа аԥара рызшәахоит иҳәеит аоперативтә штаб аилатәараҿы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

"Мшаԥи лаҵареи амзақәа рзы акоронавирустә инфекциа змаз рыхәышәтәра рнапы алакын 183-ҩык амедицинатә усзуҩцәа. Урҭ рҟынтәи 62-ҩык ҳақьымцәоуп. Иахьа дара аулафахәы аҳасаб ала х-миллионки 223 нызқьмааҭ рҟынӡа аԥара рызшәахоит", - иҳәеит иара.

Ҵахнакьиа иажәаәқа рыла, "Аиҭар" иҟаз ауаа рынхареи рыкрыфареи рзы миллионки 10 нызқьи 490 мааҭ цеит. Уи аҟынтә аусбарҭа иахыԥхьаӡалоуп 367 960 мааҭ.

Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, акарантин аамҭазы Аԥсныҟа иааган еиуеиԥшым ахәшәқәеи ахархәагақәеи 67 миллиони 353 нызқьи 772 мааҭ рыхә.

Аԥсны зынӡа авирус здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 36-ҩык ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи ааҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп, 27-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0