Аицлабра "Аԥсны агәадура" алахәразы 150-ҩык иреиҳаны арзаҳалқәа аларҵеит

© SputnikБудущее Абхазии
Будущее  Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анапхгаҩцәа ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура" азы онлаин-арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит хәажәкыра 2, ихыркәшахеит рашәара 12 рзы.

АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik. Анапхгаҩцәа ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура" ахь арзаҳалқәа рыкдылара хыркәшоуп лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аицлабра "Аԥсны агәадура" акомиссиа ацхантәаҩы Наҭелла Акаԥҳа.

"150-инареиҳаны ауаа ҳсаит аҟны рыҽҭарҩит. Анаҩстәи аетап аан еиҳа ақәҿиарақәа аазырԥшыз, зус еиӷьны издыруа алахәылацәа алҳаԥшаауеит. Нанҳәеи цәыббреи рзы, акоронавирус азы аҭагылазаашьа зеиԥшрахо еиԥш, аицлабра аетап ҿыц ҟалоит. Усҟан иалҳхыз алахәылаҩцәа атестқәа ирыхҳажьуеит, хаҭала зегьы ҳрыҿцәажәоит. Убри ашьҭахь афиналбжахь инеиуеит 25-ҩык алахәылацәа", - ҳәа азгәалҭеит Акаԥҳа.

Аицлабра аиҿкааҩцәа аифинал аҟны иалырхуеит хәҩык аиааира згаз аҿар рхаҭарнакцәа, урҭ зегьы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыҟны асура иаладыргоит. Аусура иалагаанӡа Москва аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыҟны астажировка иахысуеит. Аиааира згаз рхыԥхьаӡара иақәымшәазгьы ирылоу аҟыбаҩ аарԥшразы алшара роуеит, ҷыдала иааугозар, ҿыц иаԥҵоу анаплакыҩцәа ҿарацәа рышкол аҟны ҳәа инаҵшьны илҳәеит Акаԥҳа.

Аицлабра акомиссиа иара убас иалахәуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа, Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Емма Гамсаниаԥҳа, аполитолог, апсихолог Арда Иналиԥа, Агуманитартә программақәа рцентр анапхгаҩы Лиана Кәарҷелиаԥҳа.

Президент Абхазии провел встречу с Иналом Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа: аицлабра "Аԥсны агәадура" анапхгаҩ ҿарацәа аанарԥшыроуп

"Акомиссиа иалоу ауаа зегьы ҳаҭыр рықәуп, ражәа акраҵанакуеит. Даара аҵакы ӷәӷәоуп аҿарацәа аԥышәа ду змоу ауаа рыҿцәажәаразы алшара анрымоу. Арҵаҩцәа-абжьгаҩцәа ринститут аԥҵахоит. Ҳҿарацәа апотенциал ду рылоуп, аха аԥышәа рымам, аиҳабыратә абиԥара рдыррақәа урҭ рымадара иазыхиоуп", - лҳәеит Акаԥҳа.

Лара лгәаанагара, "Аԥсны агәадура" аусура хнаркәшаӡом знык аиааира згаз аналыркаалак ашьҭахь, уи аамҭа азыԥҵәаны имҩаԥыргалоит. Акаԥҳа агәра ганы дыҟоуп ари апроект аҵак ду шамоу, абиԥара ҿа атәыла аполитикатәи ауаажәларратәи ԥсҭазаара иалахәхар азы алшара шырнаҭо, ари аҩыза уаанӡа иҟамызт.

"Аԥсны агәадура" - анапхгараҭаҿы аус зур зылшо аҿар реицлаброуп, уи хықәкыс иамоуп Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы абаҩхатәра злоу аҿар раарԥшреи рыдгылареи. Аиҿкааҩцәа ргәы излаҭаркыз ала, ари аицлабра анапхгаҩцәа ҿарацәа рзы социалтә цхыраагӡахоит, шьаҭасгьы иазыҟалоит ламыс злоу, зус здыруа абиԥара ҿа рыбзоурала аҳәынҭқарратә аппарат арҿыцра.

Аконкурс "Аԥсны агәадура" мҩаԥысуеит Москватәи, Урыстәылазегьтәи Апатриарх Кирилл иҟны Аҿар русқәа рзы ахеилак ахантәаҩы Инал Арӡынба иаԥшьгарала. Аконкурс аиҿкааразы аусдҵа жәабран 19 рзы инапы аҵаиҩит усҟан Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡоз Валери Бганба.

Уаанӡа Инал Арӡынбеи Аԥсны ахадеи реиԥылараан Аслан Бжьаниа иҳәеит аицлабра ацашьа дшацклаԥшло, адгылара шыҟаиҵало.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0