"Сҩызцәеи сареи аԥшаҳәаҿы ҳанныҟәоз еснагь иаҳҳәон абра амашьына мныҟәо иҟарҵар шԥабзиахоз ҳәа. Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы амашьынарныҟәцаҩцәа иццакны ианныҟәозгьы убап. Ишадыркыз анызба, даара сеигәырӷьеит, аиашазы. Амшын аԥшаҳәаҿы амҩақәа ахьдырҭбаауагьы ииашоуп ҳәа сахәаԥшуеит. Иара абаӷәаза азааигәарагьы еиҭа амҩа адыркыргьы бзиан. Исгәаԥхом маланыҟәала амшын аԥшаҳәаҿы иахьныҟәогьы, ус зны хәыҷык ишисыз збахьеит. Ақалақь аҿы ирацәоуп хылаԥшрада иҟоу аҩнқәа, мамзаргьы зааигәара изымрыцқьо, убарҭгьы ҳаргьы зегь ҳааицхырааны ҳаивагылар, ақалақь ахаҿра аҽеиҭанакуан, ҳақалақь ҳацхраароуп. Аԥсныҟа лассы-ласс иаауа аԥсшьаҩцәа "акыр шықәса ҵит акгьы шәзыҟамҵеит" ҳәа анырҳәалак сгәы сыхьуеит", - ҳәа иҳәеит Цикәтаниа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Ацәхыԥқәа рыда, алашара ақәырԥханы: Аҟәа аԥшаҳәаҿы абульвар мҩа шьҭарҵоит
-
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы џьара-џьара атротуартә плитақәа рыԥсахра иалагеит