Аԥсны АКХ аҿы жәҩык адепутатрахь акандидатцәа ҭарҩит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии. ЦИК
Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Алхратә комиссиа хада аилатәара мҩаԥнагеит Апарламент ахь адепутатцәа рҭаҩра азҵааразы.

АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы жәҩык адепутатрахь акандидатцәа ҭарҩит ҳәа иҳәеит АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

Акандидатцәа зегьы аԥшьгаратә гәыԥқәа иқәдыргылеит.

Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Иҭацәыз аҭыԥқәа рахь: Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа

"Акандидатцәа рхыԥхьаӡара дуум. Кындыӷтәи аокруг ада зехьынџьара ҩыџьа-ҩыџьа ықәгылоуп", - иҳәеит иара.

Гогьиа иазгәеиҭеит хҩык аусӡбара иахысхьоу иахымсхьоу шгәарҭоз.

"Арҭ акандидатцәа рганахь ала иахәҭаз аструктурақәа аусҭҵаара мҩаԥыргеит, уи атәы шьақәзырӷәӷәо адокументқәа ҳамоуп", - иҳәеит иара.

Акандидатцәа ашәҟәы рҭаҩра мышкала имҩаԥган зегьы еишьашәалоу агитациатә лшара рымазарц азы.

АКХ аҿы иара убасгьы иалацәажәан аефиртә аамҭа аиура азҵаара.

"Аилатәара далахәын Аԥсуа телехәаԥшра ахаҭарнак. Ҳара аефиртә аамҭа шьақәҳарӷәӷәеит, уаанӡатәи аӡбрала ишыҟаз еиԥш. Аԥсахрақәа аҭахны иҟмаызт", - иҳәеит иара.

Ԥхынгәы 12 рзы Апарламент аҿы иҭацәыз аҭыԥқәа рахь акандидатцәа ралхра мҩаԥысраны иҟоуп.

Азакәанԥҵаратә мчраҿы амандатқәа ԥшьба ҭацәуп: атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар, Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь рҭыԥқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0