Рашәара 15 инаркны акарантинтә уснагӡатәқәа рыхәҭак аԥыхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛюди отдыхающие в одном из парков города
Люди отдыхающие в одном из парков города - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа рашәара 12 рзы Аусдҵа инапы аҵаиҩит акоронавирус иадҳәаланы иалагалаз  аԥкырақәак рырԥсыҽразы.

АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа рашәара 12 рзы инапы зҵаиҩыз Аусдҵа инақәыршәаны, рашәара 15 инаркны  амассатә, акультуратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара ҟалоит. Аусура иалагар рылшоит аспорттә залқәа, СПА-салонқәа, асаунақәа, амассажтә салонқәа, астоматологиатә кабинетқәа.

Граница Псоу  - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысразы аԥкрақәа шыҟац иаанижьит ԥхынгәы 1 аҟынӡа

Ачарақәа, агәырӷьаратәи егьырҭ ауснагӡатәқәеи рымҩаԥгарагьы уажәшьҭа иҟалоит. Ачаратә, аныҳәатә залқәа, аресторанқәеи егьырҭ акрыфарачаратәи обиектқәа русурагьы хацдыркыр рылшоит.

Аџьармыкьақәа есҽны аусура иалагар ҟалоит, аха афатә, ақыҭанхамҩатә, ацәамаҭәатә џьармыкьақәа рҟны еиҿыркаалароуп урҭ рҵакырақәа рырзҩыдара.

Араионқәа рхадарақәеи Аҟәа ақалақь ахадареи ирыдҵоуп ауаажәларратә транспорт аусура аиҿкаара, атранспорттә хархәагақәа есҽны рырзҩыдара хымԥада имҩаԥганы.

Иара убри аусдҵала Аслан Бжьаниа аԥсуа-аурыс ҳәаа аҳәаанырцә тәылауаа рахысразы аԥкрақәа рыҿҳәара ԥхынгәы 1 аҟынӡа иацҵатәны ишьақәиргылеит.

Граница по реке Псоу - Sputnik Аҧсны
Шәҩык рҟынӡа Аԥсны ауааԥсыра изныкымкәа аҳәаа иахысыр рылшоит

Аԥсны Аҳәынҭқаррахь иҭалар ҟалоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аккредитациа змоу адипломатиатә усҳәарҭақәа русзуҩцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аррамаҵзуҩцәа, Еиду урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа; жәларбжьаратәи аидарақәа мҩанызго атранспортқәа рырныҟәцаҩцәа, аидаратә дәыӷбақәа рырныҟәцаҩцәа.

Адокумент инақәыршәаны, асасааирҭақәеи агәабзиарачаԥарҭақәеи рҟны аҭыԥқәа рҿаҵара ҟалом, иара убас аԥсуа-аурыс ҳәааҿы аус зуа баџьдатәи ахәаахәҭра ахьымҩаԥысуа адәқьан аусура иалагар ҟалом.

Иара убас Аԥсны Аҳәынҭқаррахь акоронавирустә инфекциа COVID-19 аҭыԥ ахьамоу аҭыԥқәа рҟынтәи иаауа зегьы 14 мшы аҽыԥхьакратә режим рахысра аԥҟара иқәныҟәалароуп.

Иахьазы Аԥсны COVID-19 рыдбалоуп 37-ҩык, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп жәҩык, 27-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0