Аԥсны акоронавирус ҿыц уаҩы идбалам

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на антитела к коронавирусу
Тестирование на антитела к коронавирусу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус амазааразы агәаҭара иахысит 26-ҩык ҳтәылауаа.

АҞӘА, рашәара 16 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус аӡәгьы идбалам ҳәа адырра ҟанаҵоит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Акоронавирус амазаара агәаҭаразы абиоматериал рымхын 26-ҩык атәылауаа, адиагноз COVID-19 уаҩы изықәыргылам" - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Иааидкыланы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы шьақәдырӷәӷәахьеит 38-ҩык ауааԥсыра рҟны. Урҭ рахьтә 27-ҩык ргәы бзиахеит, жәаҩык ахәышәтәырҭа иҭоуп. Акоронавирус зцәа иалаз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит.

Адунеи аҿы акоронавирус рцәа иалоуп ҳәа шьақәдырӷәӷәахьеит аа-миллионҩык рҟны, урҭ рахьтә ԥшь-миллионҩык ргәы бзиахахьеит, 430 нызқьҩык инарзынаԥшуа рыԥсҭазаара иалҵит. 

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0