Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниа еиҭеиҳәеит Ԥсоу аҳәааҿы имҩаԥгаз агәаҭарақәа рылҵшәа атәы

© SputnikЛев Квициния
Лев Квициния  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи иареи аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" агәаҭаразы реицныҟәара зызкыз, насгьы уи иалҵшәахаз.
Кәыҵниа Ԥсоу аҳәааҿы имҩаԥгаз агәаҭарақәа рлыҵшәа атәы

"Аҳәаа иахысуа зегьы рыҭҵаара иалагоит, дара ирымххоит ршьа, убри аан еиҭаҵуа амобилтә поликлиника аусзуҩцәа џьара цхыраарак рҭаххозар, ҳашрыцхраауа атәы еибаҳҳәеит. Уажәы иаҳа иаарласны арзҩыдаратә усмҩаԥгатәқәа ҟаҳҵалоит. Уи адагьы, араионқәа зегьы рҿы ас еиԥш аусурақәа ахьаҭаххо имҩаԥаҳгалоит. Аҳәааҿы, иара аханатә аҳәынҭқарра аҟнытә адҵа шҳамаз еиԥш, иҭало зегьы амцашоура рымоу ирымаму гәаҳҭалоит, нас дара ахьынтәиаази иахьцои рҭелқәеи анаҳҵоит. Еизаҳго аинформациа зегьы агәабзиарахьчара аминистррахь иҳашьҭуеит, анаҩс иҷыдоу аусбарҭақәа рыҩнқәа рҿы инеины игәарҭаларц", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.

Иаҳа инеицыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0