Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларазы аԥышәарақәа рыҿҳәара нықәырԥшны еилкаауп

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларазы аԥышәарақәа рыҿҳәара нықәырԥшны еилкаауп
Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларазы аԥышәарақәа рыҿҳәара нықәырԥшны еилкаауп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәсазы Урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аԥсуа студентцәа 50 квота рзалхуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла.

АҞӘА, рашәара 19 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭало аԥсуа абитуриентцәа рзы аԥышәарақәа рыҿҳәарақәа нықәырԥшны еилкаахеит, абри атәы иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество анапхаҩы Вадим Чеха, Sputnik акорреспондент даниацәажәоз.

Аграфик инақәыршәаны, онлаин-тестҟаҵара ԥхынгәы 26 рышьҭахь имҩаԥысуеит ҳәа уажәазы ишьақәыргылоуп, уи москватәи аҵараиурҭақәа рҟны иҟалоит.

"Урыстәыла квотала аҵараҵаразы акандидатцәа ралхра иазку аусутә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит иацы. Инықәырԥшшәа аҿҳәарагьы алкаауп, аԥышәарақәа шымҩаԥысуагьы еилкаауп. Москватәи аҵараиурҭақәа онлаин-тест ҳасабла имҩаԥыргараны иҟоуп. Аԥсны иҟоу Россотрудничество ари апроцесс аиҿкааҩцәа иреиуоуп", – еиҭеиҳәеит Чеха.

Аԥсуа абитуриентцәа онлаин-тест рахыжьра амҩаԥгара аиҿкаашьа иазку азҵаарақәа макьана рыӡбара иаҿуп.

Аԥышәарақәа реихшанҵа, атестқәа рымҩаԥгашьа аԥҟара, аусуратә ҭыԥ, иара убас ихадоу даҽа аинформациаки шәаԥхьар ҟалоит Аԥсны иҟоу Россотрудничество аофициалтә саит аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0