Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәакәасқьырԥҳа: аҳәынҭқарра ашьақәыргыларазы ихадароуп аԥсуа бызшәа ахархәара

© Sputnik / Томас ТхайцукИрина Куакуаскир
Ирина Куакуаскир  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра иатәу Нелли Аӡынԥҳа лыхьӡ зху Апедагогикатә институт аиҳабы Ирина Кәакәасқьырԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны аԥсуа бызшәа аҳәынҭқарраҿы иахәҭоу ахархәара замам азы лгәаанагара лҳәеит.
Хра злоу ахҭысқәа: Кәакәасқьыр аԥсуа бызшәа аҳәынҭқарраҟны ахархәара иазкны

"Аҳәынҭқарраҟны, еиҳарак аполитикатә кризсқәа аныҟоу аамҭазы, анҭыҵтәи анаԥшцәа ҳаӡбахә зҳәо, аԥсуаа аҳәынҭқарра ҳзышьақәыргылома ҳәа ианалацәажәо, угәы узырхьуа акоуп иҳалымшаз ҳәа еиқәырыԥхьаӡо рҟны ихадараны иахьалыркаауа иахьанӡа ҳҵара ҳхатәы бызшәала иахьышьақәгылам. Абри гхас иалкааны агәаанагара шьақәдргылоит аԥсуаа ихьыԥшыму аҳәынҭқарра ахаан ирзыҟаҵаран иҟаӡам ҳәа. Угәы унархьуеит иануаҳауа, аха ииашаӡами?! Абызшәа апроблема, абызшәа ахархәара ахьамам – ихадароу зҵаароуп аҳәынҭқарра ашьақәгыларазы", – ҳәа азгәалҭеит Кәакәасқьырԥҳа.

Лара иазгәалҭеит убасгьы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсадгьыл ахьчара ицоз хадаратәла хықәкыс ишрымаз ахатәы бызшәеи амилаҭтә хаҿреи реиқәырхара.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0