Апарламент анапынҵа ҟанаҵеит Аԥсны аӡбарҭақәа рфинанстә усура гәаҭазарц

© SputnikПарламент Абхазии
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апрокуратура хадеи Ахылаԥшратә палатеи ԥхынгәы 20, 2020 шықәсанӡа агәаҭарақәа мҩаԥыргароуп.

АҞӘА, рашәара 23 – Sputnik. Апарламент ақәҵара аднакылеит Аԥсны Апрокуратура хадеи Ахылаԥшратә палатеи ԥхынгәы 20, 2020 шықәсанӡа аӡбарҭақәа рфинанстә усура гәаҭазарц ҳәа аанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура.

Ари аҩыза аӡбамҭа рыдыркылт аӡбарҭа-информациатә системеи аелектронтә документқәеи автоматизациаи рзуреи, амаҵзура-информациатә система ахархәареи аӡбаҩцәа реилазаара аиҿкаареи, аӡбарҭатә еилатәара авидеоԥкаанҵаҟаҵарала аиҿкаареи ззырхо азакәан "Аӡбарҭатә мчразы" аԥҟарақәа рынагӡара изныкымкәа аҿҳәаранахара иахырҟьаны.

Ииасыз ашықәс жәабран-хәажәкыра рзы Афинансқәа рминистрра ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭа имҩаԥнагеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа афинанс-нхамҩатә усура.

Рашәара 18 рзы Апарламент адепутатцәа аелектронтә аӡбарҭа-информациатә система алагалара аҿҳәара инахеит ажьырныҳәа 1, 2021 шықәса рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0