COVID-19 аҟынтәи зҽызхәышәтәыз ҩыџьа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭырҩаауеит

© Sputnik Гудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу агәаҭаразы 35-ҩык ауааԥсыра атест рзыҟаҵан.

АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Акоронавирус аҟынтәи зҽызхәышәтәыз ҩыџьа акурсантцәа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтә илырҩаауеит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус аҟынтә рыхьчаразы Аоперативтә штаб. 

Уахыки-ҽнаки рыла игәаҭаз рахьтә аӡәгьы акоронавирус иламызт.

Жәиԥшьымштәи акарантин ашьҭахь аҟәатәи асасааирҭа "Аиҭар" аҟынтәи доушьҭуп тәылауаҩык. Уажәтәи аамҭазы уа акурсантцәеи аграждантә тәылауааи ыҟам, иаанхаз фҩык амедицина аусзуҩцәа роуп.

Аԥсны иахьатәи аамҭазы авирус рыдырбалахьеит 38-ҩык. Урҭ рҟынтәи быжьҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп. 30-ҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0