Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Коӷониа ашьапылампыласцәа қәыԥшцәа разыҟаҵаразы: хымԥада шәаиааироуп ҳәа раҳҳәаӡом

© Sputnik / Томас ТхайцукЛаша Когония
Лаша Когония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Европатәи ашьапылампылтә академиа Unity Аҟәа иаартуижьҭеи шықәсык ҵит. Академиа азыҟаҵаҩ хада Лаша Коӷониа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ахәыҷқәа разнеишьаҟны ихадараны ирԥхьаӡо.

 

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Коӷониа ашьапылампыласцәа қәыԥшцәа разыҟаҵара иазкны

"Ашьапылымпыл иасуа ахәыҷы ахәмарра ацашьа уиаҟара ихахьы инеиӡом, ииҭаху аиааироуп. Фба-ааба шықәса зхыҵуа ахәыҷы данаҵахо, дгәаар, дҵәыуар ҟалоит. Уажәы уиаҟара ҳхахьы иаҳгаӡом атурнир маҷқәа рҟны иаадырԥшуа алҵшәақәа, иаҳхашҭуеит, ашьапыламыпыл асра дырҵароуп ихадоу. Ҩажәа шықәса ирҭысны егьырҭ атәылақәа рҟны акоманда дуқәа рҟны ихәмарырц ауп иаҳҭаху. Ҳаилибакаауеит ахәыҷқәеи ҳареи. Хымԥада, шәаиааироуп ҳәа раҳҳәар, ишәаны ишакәым ампыл иасыр ауеит. Ахәыҷы иакәым, иара адугьы дшәар, ишаҭаху дзазнеиӡом иҟаиҵарц ииҭаху", - иҳәеит Коӷониа.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0