Кьылба анхарҭа изаахәара ицәырнагаз ацәажәарақәа политикатә ҵакуп иаҵоу рҳәеит

Анапаҵаҩра
2018 шықәса рзы арепатриациа Афонд ауадақәа аанахәеит Аԥсны Афырхаҵа, уаанӡатәи арепатриант, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба изы. Ари Ахылаԥшратә палата афонд аԥарақәа хықәкыда рныхроуп иаанаго ҳәа иашьеит. Ари ахҭыс ацәажәара рацәа ахылҿиааит.

АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзураҿы Муҳамед Кьылба анхарҭа изаахәара ицәырнагаз ацәажәарақәа политикатә интерпретациоуп рҳәеит.

Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп рашәара 18 рзы Апарламент аилатәараҿы ишалацәажәаз Арепатриациа афонд хықәкыладатәи аԥараныхреи анхарҭа аахәара амеханизми. Убри аан Муҳамед Кьылба ауадақәа изаахәара азиншьаҭа аҟазаареи аҟамзаареи иалацәажәамызт.

"Аха асоциалтә ҳақәа рҿы уаанӡатәи анапхгара ахаҭарнакцәеи дара рпартиа "Аԥсны жәлар ракзаара афоруми" излацәажәоз азҵаара аҵакы еиҭаркит М.Кьылба изаахәоу ауадақәа рзы аӡбара иахьатәи анапхгара еиҭахәаԥшырц рҭахушәа ауаажәларра агәра дырго", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Уаанӡа аполитикатә партиа "Аԥсны жәлар ракзаара афорум" иакьыԥхьит ааԥхьара Муҳамед Кьылба хатәгәаԥхарала еибашьуаз уаҩык иаҳасаб ала илшамҭақәа ирылацәажәо.

Аполитикатә партиа аҳәамҭаҿы ажәалагала ҟанаҵеит "атәылаҿ анхарҭатә закәанԥҵареи уи аусхк аҟны акоррупциатә схемақәеи ирхылаԥшырц Аԥсны аҭоурых зыхьӡ хьтәы нбанла иану ауаа рганахьала аилагарақәа рыԥшаара аасҭа".

Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит иара убри шакәу уажәтәи анапхгара хықәкыс ирымоу.

Пограничный пункт Ингур в Гальском районе Абхазии - Sputnik Аҧсны
Sputnik амчыбжь: амиллионқәа рус, агуманитартә коридор, акадр ҿыцқәа

"Иҟалар алшоит аҭҵаарақәа раан абиуџьет ԥарақәа хыда рныхра афактқәа иҵегьы цәырҵыр. Убри инадҳәаланы аоппонентцәа рахь аҳәара ҟаҳҵоит аҭагылазаашьа адрама алрымхырц, атәыла азакәанԥҵара аилагараан азакәанеиҿкаара ашьақәыргыларазы иалк-аалкны азнеишьа ҟамларц", - ҳәа апартиа ақәгылара аҭак анаҭеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура иара убасгьы азхьаԥшра анаҭеит уаанӡа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс иҟаз Аслан Кобахьиа Facebook аҿы ииҩыз хаҭала иара шиакәу аусдҵа знапы аҵазҩыз Кьылба анхарҭаҭыԥ иоуразы. Аамҭақәак рышьҭахь Sputnik аинтервиу аҭо, Кобахьиа иазгәеиҭеит уи иара ихала ииӡбаз ак шакәым, атәыла анапхгара абри азҵаара ишалацәажәоз.

"Ауаҩы хышықәса ауадақәа рыхә шәо дыҩнан. Иара репатриантк, хатәгәаԥхарала еибашьҩык иаҳасаб ала анхарҭа ҭыԥ ихәҭан. Аԥсны метракгьы ихатәыз ак имамызт. Уаанӡагьы ауадақәа изаахәатәын. Ҳәарада сара сымацара исыдсымкылеит ари аӡбра. Уи атәыла анапхгара алацәажәон, аха сара соуп аҳәара ҟазҵаз Аԥсны Афырхаҵа Муҳамед Кьылба ауадақәа иҭаразы. Уи сагьахьхәуам. Иаҭаххозар, даҽазныкгьы убасеиԥш аҳәара ҟасҵон. Кьылба имацара иакәым, арепатриантцәа зегьы, аиҳаракгьы аибашьра аветеранцәа, ауадақәа рзаасхәон", - иҳәеит Кобахьиа.

Аминистрцәа реилазаараҿ иазгәаҭан ари аҩыза апрактика уаанӡагьы ишыҟаз, аха аԥарақәа ахада ма аиҳабыра ррезервтә фондқәа ишырхырхуаз, азакәанԥҵарагьы шеилагамыз.

"Дарбанзаалак аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ уи абри аамҭазы аԥыза-министр инапынҵақәа неимыгӡозар, аҳәынҭқарра аԥарақәа рныхра азин имам. Уаанӡатәи аԥыза-министр хаҭала сара адҵа ҟасҵеит аниҳәо, ицәырҵуеит азҵаара: избан Апарламент аҿы азакәанқәа рыдкылара заҭаху, урҭ азакәанқәа реилагара ауазар", - ахҳәаа арҭеит Аминистрцәа реилазаараҿы Кобахьиа иҳәамҭа.

Госкомитет Республики Абхазия по репатриации  - Sputnik Аҧсны
Агәаҭаратә палата иаанарԥшит арепатриациа афонд аҟны ихықәкылатәым аԥараныхра аҭыԥ шамаз

Аиҳабыраҿ иазгәарҭеит аԥсуааи Нхыҵ Кавказ ажәларқәеи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуази реизыҟазаашьа аполитикатә хархәара аҭара зынӡаскгьы иҟалом ҳәа.

Аԥсны Апарламент рашәара 18 рзтәи аилатәараан ақәҵара аднакылеит 2018 шықәсазы Арепатриациа афонд абиуџьет шынанагӡаз азы. Ахылаԥшратә палата аҳәамҭа ҟанаҵеит афонд аԥарақәа ихықәкыламкәа иныхын ҳәа. Агәаҭара алкаақәа рышьҭахь Апарламент аҟны абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Натали Смырԥҳа илҳәеит 2018 шықәса рзы Арепатриациа афонд аҟны ихықәкылатәым, ихырҳагам аԥарахархәара аҭыԥ шамаз, ирепатриантцәам рзы ишаахәаз х-миллионки 800 нызқьи мааҭ ҳәа ауаҭахи ҩбеи бжаки миллион мааҭ ҳәа аҩни, иара убасгьы Арепатриациазы аминистрра ашҭаҿы аиҭаҳаразы миллион мааҭк рыхә апальмақәа шаахәаз, уи анаҩсангьы Арепатриациазы аминистрра аусзуҩцәа миллионбжак рҟынӡа аԥхьахәқәа шрызшәаз.

Ахылаԥшратә палата ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Зураб Оҭырба ихәшьарақәа рыла, иныхыз аԥарақәа маҷым, быжь миллионк рҟынӡа инаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0