АҞӘА, рашәара 23- Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла 84 регион рҿы ҿыц акоронавирустә инфекциа рыдбалоуп 7 425-ҩык, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москва аоперативтә штаб.
Иаарԥшу рҟынтәи 32,7% ачымазара зыхьыз рахьтә аклиникатә ҟазшьақәа рымамызт.
Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәылатәи Афедерациаҿ 153-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара шьақәгылеит 12 013-ҩык. Апандемиа аамҭа иалагӡаны рыԥсҭазаара иалҵхьеит 8 359-ҩык, ргәы бзиахеит 356 429-ҩык.
Аԥсны иахьатәи аамҭазы авирус рыдырбалахьеит 38-ҩык. Урҭ рҟынтәи быжьҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп. 30-ҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>