Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит аусура иалагеит

© Foto / Screenshot: spapsny.orgАԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит аҿы иубар алшоит ҳаамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа, алитература аклассикцәа ирызку аинформациа, иара убасгьы аҟазаратә еиҿкаарақәа рышьақәгылара аҭоурых.

АҞӘА, рашәара 25 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит аусура иалагеит рашәара 25 рзы ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.

Асаит аԥҵара аидеиа цәырҵит 2017 шықәса рзы Вахтанг Аԥҳазоуи Виачеслав Бигәааи "Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа. Абиблиографиатә жәар" аус анадырулоз аамҭазы.

Вахтанг Абхазоу - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аԥҳазоу: аԥхьаҩи ашәҟәыҩҩи реимадара арӷәӷәара зегьы ирыцкуп

"Асаит аиҿкааразы аидеиа ҳазцәырҵит Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рҿы ҳколлегацәа ишрымоу еиԥш. Ҩышықәса раԥхьа Виачеслав Бигәааи сареи аматериалқәа реизгара нап алаҳкит", – ҳәа азгәеиҭоит Аԥҳазоу.

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаит аҿы иубар алшоит ҳаамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа, алитература аклассикцәа рзы аинформациа, иара убасгьы аҟазаратә еиҿкаарақәа рышьақәгылара аҭоурых.

Аԥҳазоу ишиҳәаз ала, асаит ахатә ҷыдарақәа амоуп. Адаҟьа хадаҿы Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла апериодикатә ҭыжьымҭақәа рзы ахышәқәа амоуп.

"Ари алитература-сахьаркыратә журнал "Алашара", агазеҭ "Аамҭа", ажурнал "Амцабз" роуп. Асаит аҿы иҟоу аҵыхәтәантәи ахәышықәса рзтәи аҭыжьымҭақәа рархив ауп. Ҳара уаанӡагьы иҳадҵаалон  архивтә ҭыжьымҭақәа рзы. Аԥсуа литература аинтерес змоу зегьы рзы асаит аҿы аматериалқәа ыҟоуп", - иҳәеит иара.

Асаит аҿы аинформациа хаҭәаалоит аҭыжьымҭа ҿыцқәа шыҟалалак.  Асаит аус ауеит ҩ-бызшәак рыла – аԥсышәалеи урысшәалеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0