Ҭырқәтәылатәи апартиа Vatan ("Аԥсадгьыл") иазнархиеит Аиҩызарази аҭынчрази Амшынеиқәа-Адгьылбжьарамшынтә план, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара азҵаарагьы убрахь иналаҵаны. Адокумент инақәыршәаны, апартиа ажәадгала ҟанаҵеит иара убасгьы: Ҟрым Урыстәыла ишахәҭаку азхаҵаразы, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Аҩадатәи Кипр хьыԥшымкәа азхаҵаразы, иара убасгьы Шьамтәыла аҭынчреи Азербаиџьан аҵакыратә акзаареи ралыршареи, Америкатәи аштатқәа Ливиа аусқәа аҽалагалара аанкылазарц.
"Аԥсны ахатә закәанқәа амоуп, Урыстәыла иатәуп ҳәа иаԥхьаӡом ҳпартиагьы. Ааигәа егьырҭ апартиақәа рхаҭарнакцәеи ҳареи ҳаиқәшәараны ҳаҟоуп, уаҟагьы ирасҳәоит абри. Догу Перинчек (апартиа Vatan (Аԥсадгьыл) ахантәаҩы - аред.) ииҳәаз Аԥсны азхаҵара аганахьала ҳпартиаҟынгьы ус ҳазхәыцуеит. Даара ибзаны иҟалон Апарламент аҟны ҳалацәажәар. Ас еиԥш ашәҟәы ахцәажәара аныҟала, ари (Аԥсны ахьԥшымра –аред.) ҟалааит ҳәа ҳнапы ақәаҳҵоит", – иҳәеит Папба.
2008 шықәса рзы официалла Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵеит Урыстәыла, Никарагуа, аҽа шықәсык ааҵуаны – Венесуела, Науру, 2018 шықәса рзы Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит Шьамтәыла.
Приднестровиа-Молдавиатәи Ареспубликеи Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспубликеи Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵеит абҵара 17, 2006 шықәса рзы, 2015 шықәсазы – Донецки Лугански Жәлар рреспубликақәа.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: