АҞӘА, рашәара 26- Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәылатәи арегионқәа 85 рҿы ҿыц акоронавирустә инфекциа рыдбалоуп 6 800-ҩык, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москва аоперативтә штаб.
Ачымазара зыхьыз рахьтә 28,5% аклиникатә ҟазшьақәа рымамызт.
Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәылатәи Афедерациаҿ 176-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара шьақәгылеит 8 988-ҩык. Апандемиа аамҭа иалагӡаны ара рыԥсҭазаара иалҵхьеит 8 781-ҩык, ргәы бзиахеит 384 152 -ҩык.
Аԥсны иахьатәи аамҭазы авирус рыдырбалахьеит 38-ҩык. Урҭ рҟынтәи ԥшьҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп. 33-ҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>