АҞӘА, рашәара 30- Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәылатәи арегионқәа 84 рҿы ҿыц акоронавирустә инфекциа рыдбалоуп 6 693-ҩык, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москва аоперативтә штаб.
Ачымазара зыхьыз рахьтә 30,2% аклиникатә ҟазшьақәа рымамызт.
Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәылатәи Афедерациаҿ 154-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара шьақәгылеит 9 220-ҩык. Апандемиа аамҭа иалагӡаны ара рыԥсҭазаара иалҵхьеит 9 320-ҩык, ргәы бзиахеит 412 650-ҩык.
Аԥсны иахьатәи аамҭазы авирус рыдырбалахьеит 38-ҩык. Урҭ рҟынтәи ԥшьҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп. 33-ҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Агәабзиарахьчаразы Адунеизегьтәи аиҿкаара адыррақәа рыла, жәа-миллионҩык иреиҳаны ачымазара рымоуп. Апандемиа аамҭа иалагӡаны рыԥсҭазаара иалҵит 501 281-ҩык, 5,1 миллионҩык ргәабзиара шьақәгылеит.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>