Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәыргәылиа аҳақьым Зураб Ачба изы: ахәахәа баны давсуамызт, ауаҩы ирыцҳашьара илан

© SputnikАполлон Гургулия
Аполлон Гургулия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳақьым Зураб Ачба иԥсҭазааратә мҩеи иуаҩышьеи ртәы арадио Spunik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәылиа.

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә госпиталь хада аҳақьым хадас иҟаз, Леон иорден занашьаз аибашьра аветеран, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳақьым Зураб Ачба иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит. Зураб Омех-иԥа иаалырҟьаны идунеи ахьыиԥсахыз гәалсра дула ирыдыркылеит дыздыруаз. Аҳақьым нага, ауаҩы лаша Зураб Ачба иԥсҭазааратә мҩеи иуаҩреи арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәылиа.

Гәыргәылиа аҳақьым Зураб Ачба изы: ахәахәа баны давсуамызт, ауаҩы ирыцҳашьара илан

"…Зураб убас ҟазшьас иман аиаша мамзар ахәахәа баны дрывсуамызт, игәы иаанагоз ибз иаирҳәон. Аҩызара бзиа ибон, аиуара пату ақәиҵон, аԥсуа хаҵа ззырҳәоз, иабашьҭра амҩа дықәланы даауан. Даара гәалс дуны иҳамоуп - аҩыза гәакьа дҳаԥхеит. Ауаҩы данувагылоу дзыԥсоу уздырӡом… Иара ауаҩы ирыцҳашьара илан, ихатә ҭаацәара шимазгьы, имоҭацәа шыҟоугьы, ԥшьҩык ахшара ахьыҟаз аҭаацәа, хылаԥшрада иаанхаз, закәанла хылаԥшыҩс дырзыҟалеит, аҩны роуртә иҟаиҵеит, иҭаацәа реиԥш дырхылаԥшуан, ауаҩы ҳалал ззырҳәоз иакәын", - иҳәеит Гәыргәылиа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0