АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәылатәи арегионқәа 83 рҿы ҿыц акоронавирустә инфекциа рыдбалоуп 6 556-ҩык, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москва аоперативтә штаб.
Ачымазара зыхьыз рахьтә 31,9% аклиникатә ҟазшьақәа рымамызт.
Уахыки-ҽнаки рыла Урыстәылатәи Афедерациаҿ 216-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәабзиара шьақәгылеит 10 281-ҩык. Апандемиа аамҭа иалагӡаны ара рыԥсҭазаара иалҵхьеит 9 536-ҩык, ргәы бзиахеит 422 931-ҩык.
Аԥсны иахьатәи аамҭазы авирус рыдырбалахьеит 38-ҩык. Урҭ рҟынтәи ԥшьҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп. 33-ҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>