Очамчыра араион аҿы аҟанҷ хкы ҿыц цәырҵит

CC0 / / Аџь
Аџь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҩбам аҟанҷ ҳәа хьӡыс измоу ахәаҷа хкырацәала аҵиаақәа афоит - 400 рҟынӡа ҵиаахк рзы ишәарҭоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Очамчыра араион аҿы ицәырҵит ахәаҷа ҿыц – иҩбам аҟанҷ. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра аҵиаақәа рыхьчара амаҵзура аиҳабы Владимир Гьериа.

Ари ахәаҷа бнатә ԥырхагоуп, абӷьы зҿоу зегьы афоит, убри аан еиҳа бзиа иабоит аҭәаҵлеи аџьҵлеи.

"Ҳара ари ахәаҷа ацәырҵра иаразнак азхьаԥшра аҳҭеит. Елыр ақыҭаҿ 200 гектар рҟынӡа абнара аҟьашьхьеит", - ҳәа иҳәоит Гьериа.

Гьериа иажәақәа рыла, иахьазы Аԥсны араионқәа руак аҿоуп ари ахәаҷахк ахьыҟоу.

Каждый клоп на счету: как сдавали урожай насекомых-вредителей в Очамчыре - Sputnik Аҧсны
Аԥсны амармалташь пты аҟәшәара иахьӡом акарантин иахырҟьаны

"Макьана шәарҭара дук ыҟам. Сынтәазы иаҿагылоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара аԥсаны иҟам. Иара иафаша ыфаны апаркь аҭагылазаашьахь ииасхьеит. Аамҭақәак рышьҭахь ахьычԥаԥыр ахылҵуеит. Ахьычԥаԥыр акәтаӷь хырҵоит. Аӡынра зегьы дара ҿиалоит. Уаанӡа ҳара ахылаԥшра мҩаԥаагалоит. Иахәҭаны иҟалар, ахимиала аус адааулоит", - иҳәеит иара.

Гьериа иҳәеит Аԥсны еиҳа ишәарҭоу америкатәи аԥарԥалыкьи амармалташьтә пти шыҟоу.

Иҩбам аҟанҷ Европа, Азиа маҷ, Кавказ, Аҩадатәи Америка иҟоуп. Иара еиужбны ианыҿио абнарақәа, абаҳчарақәа рбыӷьқәа ҿырфаауеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0