00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
26 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Такие обстоятельства
14:33
13 мин
Дополнительное время
14:47
13 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны Тамшьтәи адесант алахәылацәа ргәаладыршәеит

© Foto / сайт президента Республики Абхазия Аԥсны Тамшьтәи адесант алахәылацәа ргәаладыршәеит
Аԥсны Тамшьтәи адесант алахәылацәа ргәаладыршәеит  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 2, 1993 шықәса рзы Тамшь ақыҭан аӡхыҵра иалагеит 300-ҩык инарзынаԥшуа аԥсуа мшынтә десант.

АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Очамчыра араион, Тамшь ақыҭан имҩаԥысит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан имҩаԥгаз адесант рыӡхыҵра 27 шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатәқәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.

Ауснагӡатәқәа рхы рыладырхәит ахада Аслан Бжьаниа, Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа, аибашьраан Мрагыларатәи афронт акомандаҟаҵаҩ Мираб Кьышьмариа, Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Очамчыра араион ахада Станислав Амҷба, Атәылахьчара аминистрреи, Апарламенти рхаҭарнакцәа, ақыҭауаа, иҭахаз ргәакьацәа, ашколхәыҷқәа.

Микрофон - Sputnik Аҧсны
Арадио
Занҭариа еиҭеиҳәеит Тамшьтәи абаҟа аиҭашьақәыргыларазы иарбан усурақәоу ицо

Очамчыра араион Тамшь ақыҭа иахьаҵанакуа 1993 шықәса ԥхынгәы 2 рзы амшын аҟынтәи аԥсуа десант ӡхыҵит. Иара иалахәын хышәҩык рҟынӡа аибашьцәа, азеиԥш напхгара ҟаиҵон Заур Зарандиа. Адесант иахықәкы хаданы иҟан астратегиатә ҵак ду змаз Аҟәаҟа ицоз амҩаду аанкылара. Адесант аныӡхыҵ ақырҭуа ар реиҳабыра Мрагыларахьтәи афронт ахь рымчқәа реиҳара ииаргар акәхеит. Уи иалнаршеит аԥсуа ар Шроматәи ахырхарҭа аганахьала лҵшәа бзиала ақәыларатә еибашьрақәа мҩаԥыргарц.

1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иҭахаз рбаҟа Тамшь ақыҭан еиҭашьақәыргылан адесант аӡхыҵра 26 шықәса анахыҵуаз арыцхә азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0