Бжьаниа аҳәаа аартразы: Урыстәылеи ҳареи ҳшьаҿақәа еиқәыршәаны иҟаҳҵалароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аԥсни иареи рҳәаа анаркит аҳәаанырцәуаа рзы мшаԥы анҵәамҭазы адунеи аҿы ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны.

АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа аартра раԥхьа иргыланы изхьырԥшу Урыстәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьоуп иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа апресс-конференциаҿ.

Аԥсны акоронавирус аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, аха аҳәаа ганкахьала аартра макьаназы ҵак аманы иҟам иҳәеит Бжьаниа.

"Ари аганахьала ҳшьаҿақәа еиқәыршәаны иҟаҳҵалароуп", - иҳәеит иара.

Иара убасгьы иҳәеит аҳәаа аартразы Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин ашәҟәы шизиҩхьоу.

Бжьаниа иазгәеиҭеит акоронавирус аинкубациатә аамҭа 14 мшы шыҟоу.

"Рашәара 24 - 25 рзы Шәача атуристцәа рацәаҩны иаҭааит. Ԥхынгәы 10 шыҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу убартә иҟалоит. Ҳганахьала аҳәаа аартра мариоуп, аха иара аҩганкгьы рыла иаартызароуп", - иҳәеит Бжьаниа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0