Аԥснытәи аушьҭымҭацәа ахьтәи араӡни медалқәа ранашьан

© Sputnik / Марианна КубраваЦеремония награждения медалями выпускников средних школ прошла в Министерстве просвещения
Церемония награждения медалями выпускников средних школ прошла в Министерстве просвещения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса рзы Аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1791-ҩык аҵаҩцәа. Урҭ рҟынтәи 11-ҩык амедалқәа рыманы иалгеит, 64-ҩык "ибзиаӡоуп" ҳәа иалгеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik, Ренат Ԥачалиа. Абжьаратә школқәа роушьҭымҭацәа амедалқәа ранашьара мҩаԥысит Аԥсны Арккареи абызшәатә политикеи рминистрраҿы ахәаша, ԥхынгәы 3 рзы.

Аԥсны арккареи абызшәатә политикеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгьелиаԥҳа илҳәеит сынтәатәи ашықәс уаанӡатәиқәа ишреиԥшым, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны аҵаратә процесс шыԥсаххаз. Ус шакәугьы, аминистрра официалла аҵарашықәс хнаркәшеит.

"2020 шықәса рзы Аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1791-ҩык аҵаҩцәа. Урҭ рҟынтәи 11-ҩык амедалқәа рыманы иалгеит, 64-ҩык "ибзиаӡоуп" ҳәа иалгеит. Иаҳҳәар ҳалшоит, медалла ашкол иалгаз аҵаҩцәа ԥхьаҟазы ҳҿар рыхьтәы фонд иалахәхо роуп ҳәа. Абас иҟоу аҿар роуп уаҵәтәи ҳԥеиԥшгьы знапаҿы иҟало", - ҳәа лҳәеит  Ченгьелиаԥҳа.

Аԥсны арккареи абызшәатә политикеи рзы аминистр Инал Габлиа аушьҭымҭацәа ирыдиныҳәалеит, иазгәеиҭеит раԥхьаҟа имариам амҩа шышьҭоу аха аҿар ирус хаданы иҟоу аҳәынҭқарра аҿиара рлагала алаҵара шакәу.

Последний звонок 2020 - Sputnik Аҧсны
Аԥсҭазаара ду ахь ашьаҿеихгара: Аԥсны ашколқәа рҿы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы

"Шәаԥхьаҟатәи шәыԥсҭазаараҿ зегь раԥхьа иргыланы ишәхашәмыршҭыроуп иреиҳаӡоу аҟазшьақәа: ауаҩреи аламыси» ҳәа иҳәеит Габлиа. 
Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аԥснытәи арҵаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит 11 шықәса дуӡӡа аҵаҩцәа  аԥсҭазаара ду амҩахь  иахьнаргоз азы, иуадаҩыз рџьазы. Иара агәрагара ааирԥшуеит рџьабаа баша ишмыӡуазы.

Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала ихаҭыԥуаҩ аҵаҩцәа рыхьӡала иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит.

Араӡны медал занашьоу Данил Кәыҵниа Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз иҳәеит  Москватәи аҵараиурҭақәа руак аҭалара игәы ишҭоу. Амедицина азанааҭ шалихуа. Аҵара ашьҭахь иара Урыстәыла аԥышәа иманы Аԥсныҟа ахынҳәра игәы иҭоуп.

Нестор Лакоба ихьӡ зху Пицундатәи абжьаратә школ №1 хьтәы медалла иалгаз аҵаҩы Дамеи Ҳагба иазгәеиҭеит Урыстәылатәи аҵараиурҭа дҭаларц дшыҟоу, Аԥсны анџьныр-аргылаҩ ҳәа афакультет ахьыҟам азы. Иара иҳәеит иаԥхьаҟазы иԥсҭазаара Аԥсны мацара ишадиҳәало.

Аԥсны арккареи абызшәатә политикеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгьелиаԥҳа далацәажәеит ахьтәы ма араӡны медал аиушьа атәы.
Лара лажәақәа рыла, "Ахьтәи араӡни медалқәа рзы" аԥҟара инақәыршәаны ахьтәы медал аиуразы 10-11 аклассқәа рҿы "хәба" ҳәа аҵара ҵатәуп, араӡны медал аиуразы  ҩ-ԥшьбак умазар ҟалоит.

© Sputnik / Марианна КубраваАушьҭымҭацәа амедалқәа ранашьара ацеремониа
Аԥснытәи аушьҭымҭацәа ахьтәи араӡни медалқәа ранашьан - Sputnik Аҧсны
Аушьҭымҭацәа амедалқәа ранашьара ацеремониа

"Аҵаҩцәа агәаҭара цҵатә усурақәа мҩаԥыргоит.  Актәи аетап азеиԥшҵаратә школқәа рҟны имҩасуеит. Убри аан аԥышәарақәа хԥа – ахатәы бызшәа, алгебра, нас ашкол иалнахуа рҭиироуп "хәба" ҳәа. Аҩбатәи аетап Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҿы имҩаԥысуеит", – ҳәа лҳәеит Ченгьелиаԥҳа.

Ахыркәшаратә етап мҩаԥыргоит Аҵара аминистрраҿы. Арҭ ах-етапк ирхысыз амедалқәа ранашьаразы иқәдыргылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0