АҶА аӡхәыҵалаҩцәа Аԥсны аплиажқәа атуристтә сезон иаздырхиоит

© Foto / МЧС РАСотрудники ГИМС МЧС Абхазии приступили к ежегодному техническому осмотру городских пляжей республики.
Сотрудники ГИМС МЧС Абхазии приступили к ежегодному техническому осмотру городских пляжей республики. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҽыкәабаратә сезон аартуп рашәара 5 раахыс. Аԥсны зышәагаа маҷу аӷбақәа рҳәынҭинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа иазгәеиҭеит ақалақь аплиажқәа атуристтә сезон иазыхиам ҳәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik, Ренат Ԥачалиа. Аԥсны АҶА аӡхәыҵалаҩцәа аплиажқәа ргәаҭареи рыҵақәа ррыцқьареи рыла атуристтә сезон иаздырхиоит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

"Аӡхәыҵалаҩцәа  амшынҵа акваториа гәарҭоит иагьыдрыцқьоит 12 метра рҟынӡа амшын иалагаланы. Ирбо агәамсам, аихалых ахсаала ианырҵоит. Анаҩс иҭганы иқәыргоит. Иара убасгьы иқәдыргылоит ақалақь ахадара иаанахәаз аԥкыратә хархәагақәа", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аԥсны  зышәагаа маҷу аӷбақәа рҳәынҭинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа иажәақәа рыла, аплиажтә сезон аҽазыҟаҵара иалаган лаҵарамза алагамҭаз, Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа реиԥылара ашьҭахь.

Славик Кучуберия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Қәычбериа амшынҭалара аамҭа аҽазыҟаҵаразы: излаҳалшо аԥҟарақәа наҳагӡоит

Афинанстә ҭагылазаашьа инамаданы зегьы иазыԥхьагәаҭаз аамҭа рҽырзақәмыршәеит. Гәдоуҭатәии Гәылрыԥшьтәии араионқәа аусурақәа рымҩаԥгара зынӡа мап ацәыркит абиуџьет аҟны аԥара азымхаразы.

"Ишалшо ала аплиажтә сезон аҽазыҟаҵатәуп. Аӡаҵа агәаҭара, абуиқәа рықәыргылара, аԥкыратә бираҟқәа рықәыргылара – арҭ ҳаамҭазтәи аплиажқәа рзы ихымԥадоу усурақәоуп", - ҳәа иҳәеит Сабуа.

Аҟәа аҽазыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥыслоит амчыбжь нҵәаанӡа. Анаҩс аусурақәа ирылагоит Очамчыреи Гагреи араионқәа рҿы. Атәыла зегьы аҿы - ԥхынгәы нҵәаанӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0