Аинвестпрограмма иарбоу Гагра аобиектқәак амза нҵәаанӡа еиҭашьақәдыргылоит

© Foto / Министерство экономики РАКристина Озган повторно посетила с инспекцией Гагрский район
Кристина Озган повторно посетила с инспекцией Гагрский район - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Гагра араион усуратә ныҟәарала лаҭаараан Аинвестпрограмма аобиектқәа рҟны аусқәа рцашьа гәалҭеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. 2017-2019 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциалтә-економикатә ҿиара ацхыраарарзы аинвестициатә программа аҟынтә аԥара ззоужьу аобиектқәа рыхәҭак аус рыдулара хыркәшахоит ԥхынгәымза нҵәаанӡа ҳәа адырра ҟаҵоуп Аекономика аминистрра асаит аҟны.

Кристина Озган  - Sputnik Аҧсны
Озган анардадаҩцәа рус ҟарымҵар Апрокуратура хадахь дшырзашшуа лҳәеит

Иазгәаҭоуп аколоннада аиҭашьақәыргылареи Гагратәи амшынҿықәтәи апарк аԥшаҳәаҟны ахаҳә ашьҭаҵареи ҿыц ишьақәырӷәӷәаз аграфик инақәыршәаны ишымҩаԥысуа.

Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озган лгәаанагарала, анардадаҩцәа ахьӡоит ирзарбоу аҿҳәара – ԥхынгәы 31, 2020 шықәсанӡа – русурақәа рылгара.

Аминистр даҭааит иара убас аӡыҭгагатә станциа №4, уи еиҭашьақәыргыланы иаҭан 2013-2014 шықәсқәа рзы, аха араион абалнс ахь иқәыргыламызт.

"Ари аобиект Гагра араион ахадара рбаланс ахьгьы иадкыламызт. Ииасыз фышықәса рыла уи ахархәарагьы амамызт, ахылаԥшрагьы амамызт", - лҳәеит Озган.

Абри аамҭа иалагӡаны аобиект ахыбреи уи амазареи аԥырхага ду роуит – ацәаҳәақәа зегьы хыҵәҵәан, амаҭәахәқәа ааха рыҭоуп, ауадақәа рыҩнуҵҟа аԥхасҭа ҟаҵоуп. Аспециалистцәа рнапы ианҵан аԥхасҭа иҟаҵоу ахә ршьарц, нас аобиект аиҭашьақәыргыларазы иаҭаху аԥара ахьынтәаагатәу ахыҵхырҭақәа алыркаарц ҳәа азгәарҭеит аминистрра апресс-маҵзураҿы.

© Foto / Министерство экономики РАКристина Озган усуратә ныҟәарала Гагра араион даҭааит
Аинвестпрограмма иарбоу Гагра аобиектқәак амза нҵәаанӡа еиҭашьақәдыргылоит - Sputnik Аҧсны
Кристина Озган усуратә ныҟәарала Гагра араион даҭааит
Ажәабжьқәа зегьы
0