АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла 6 562-ҩык COVID-19 рыдырбалеит ҳәа аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы Москва аоперативтә штаб.
Зынӡа атәылаҿы иазгәаҭоуп 700 792-ҩык COVID-19 змоу, урҭ рҟынтәи 472 511-ҩык ргәы бзиахахьеит, 10 667-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Авирус зыдбалаз рҟынтәи 27,6% аклиникатә ҟазшьа рныԥшуамызт. Уахыки-ҽнаки рыла рыԥсҭазаара иалҵит 173-ҩык, ргәы бзиахеит 8 631-ҩык.
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аштаб адыррала, ареспубликаҿ 38 чымазара хҭыс ыҟан, ҩыџьа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп, 35-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>