Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Жьиԥҳа: гәахәароуп сышәҟәы афырхацәа иреиуоу ҩыџьа Аԥсныҟа нхара иахьааз

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация книги Саиды Жиба - "Лучи солнца"
Презентация книги Саиды Жиба - Лучи солнца - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист, ашәҟәы "Амра ашәахәақәа" автор Саида Жьиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит раԥхьатәи лышәҟәы аҭыжьра шыҟалаз.
Жьиԥҳа: гәахәароуп сышәҟәы афырхацәа иреиоу ҩыџьа Аԥсныҟа нхара иахьааз

Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысит аԥсуа журналистка Саида Жьиԥҳа лышәҟәы "Амра ашәахәақәа" иазкны апресс-конференциа.

"Ауадаҩрақәа рацәаны исызцәырҵуан аҭарџьманра аганахьала, ҳџьынџьуаа хатәы бызшәала ишырҭаху ицәажәартә еиԥш иҟам. Ашәҟәаҿы зыӡбахә ҳәоу 67-ҩык афырхацәа зегьы рахьынтә иреиҵоу 26-27 шықәса роуп ихыҵуа, зегьы иреиҳабу шәышықәса дырҭысхьеит. Дара зегьы аӡә дыбжьамырхакәа срызҵаауан Аԥсны иадҳәалоу рыгәҭахәыцрақәа ртәы. Аиҳабыратә абиԥара шзымаауа атәы дыруп, аха аҿар ирабжьыргон рџьынџь ахь ихынҳәырц. Сфырхаҵа Енвер Абзагәа дыруаӡәкуп Аԥсныҟа дхынҳәны, уи абираҟ даҵагылан аиааирақәа ргара зыгәҭакыз, ус иагьыҟаиҵеит. Гәахәароуп сышәҟәы афырхацәа иреиуоу ҩыџьа Аԥсныҟа нхара иахьааз", – ҳәа еиҭалҳәеит Жьиԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Аԥсны ашәахәақәа: Саида Жьиԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган

Ажәабжьқәа зегьы
0