Акиносахьа "Сара исыхьӡуп Махаз" Урыстәылатәи акинофестиваль аҿы аиааира агеит

© Фото : Screenshot: Inar Narmania / YouTube Кадр из фильма "Меня Зовут Махаз". Режиссер Инар Нармания
Кадр из фильма Меня Зовут Махаз. Режиссер Инар Нармания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акиносахьа "Сара исыхьӡуп Махаз" акинотеатртә ҳа "Мираж Синема" арбара ҭбаа иазнархиаз акиноальманах иалалоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Аԥсуа режиссиор Инал Нарманиа зметраж кьаҿу икиносахьа "Сара исыхьӡуп Махаз" аиааира агеит урыстәылатәи акино онлаин-фестиваль "Большой экран" аҟны.

Фильм Меня зовут Махаз - Sputnik Аҧсны
Инар Нарманиа икиносахьа "Махаз сыхьӡуп" аԥхьахә аиуит

Арежиссиор қәыԥш еиҭеиҳәеит афильм азы рыбжьы шырҭииз ахәаԥшцәа реиԥш ажиури алахәылацәагьы. Уажәшьҭа иара акинотеатртә ҳа "Мираж Синема" аекран ҭбаахь инеиуеит.

Ажиури иалахәын: Кино-Театр.Ру аредактор хада Жан Просианов, Potential акреативтә продиусер Ирина Обидова, арежиссиор, асценарист Иван Соснин, апродиусер Владислав Пастернак, апродиусер Иулиа Мишкинене, актиор, арежиссиор Никита Тарасов.

Зметраж кьаҿу акиносахьа "Сара исыхьӡуп Махаз" 15 минуҭ ицоит. Ахҭысқәа мҩаԥысуеит Аҟәа, 1970-тәи ашықәсқәа рзы. Актиор Инал Инаԥҳа зроль наигӡо афырхаҵа хада Аҟәаҟа даауеит асахьаҭыхратә ҵараиурҭа дҭаларц, аха абзиабара изцәырҵуеит. Афырхаҵа игәҭыхақәа, ихҭысқәа аанарԥшуеит акиносахьа.  Бзиа иибо аҭыԥҳа лроль дыхәмаруеит Нина Начҟьебиаԥҳа.

Уажәы  Инал Нарманиа асценари ҿыц аҩра даҿуп зметраж кьаҿу афильм азы. Уи зызку автор макьана ирзом.

Зметраж кьаҿу акиносахьа "Сара исыхьӡуп Махаз" уаанӡагьы  акинофестивальқәа рҿы иалыркаахьан: афестиваль "Konik film festival"  (Москва) аҟны аԥхьахә хада аиуит, афестиваль "Короче" (Калининград) аԥхьахә ҷыда анашьан, Аҟәатәи акинофестиваль аҿы аԥхьахәқәа ҩба аиухьан.

II Жәларбжьаратәи акинофестиваль "Artic open" аҿы Инал Нарманиа иоуит аԥхьахә "Зметраж кьаҿу акиносахьа иреиӷьу арежиссураз".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0