Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи Аҟәа еицырдыруа акаҳуажәырҭа "Брехаловка" ("Абыжәырҭа") ҳәа изышьҭоу иаҭааит ари амчыбжь азы. Аҟәа ақалақь амш аҳаҭыр азы аҳәынҭқарра ахада акаҳуажәырҭа лассы-лассы иаҭаауа анардқәа ҳамҭас ириҭеит. "Абыжәырҭа" ахада ҳәа изышьҭоу Леонид Џьениа иҩызцәа рыхьӡала Аслан Бжьаниа аҳамҭазы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит. Аҳәынҭқарра анапхгареи акаҳуажәырҭа аҭааҩцәеи акаҳуа еицыржәит, еицәажәеит.
"…Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшьгьы абас дааилон, асабша, амҽышала дҳацәажәон. Аԥсны ахадеи
ажәлари еимадазар бзиоуп, уи зегьы ирыцкуп, аусура иаҳа еиӷьхоит. Сара аҳәынҭқарра ахада раԥхьаӡа акәны дызбеит. Ҳаиқәшәараан иарҳәеит "шәара аҳәынҭқарра ахадас шәыҟоуп, аха ара "Абыжәырҭа" ахада дҳамоуп" ҳәа анырҳәа, дарччеит. Аиҿцаара ыҟазар бзиоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Леонид Џьениа.
Иара еиҭеиҳәеит "Абыжәырҭа ахада" ҳәа ахьӡи амедали шианаршьаз, анарди адомино асреи рҟынтәи иаҳа игәы зызцо, Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны иҟоу еицырдыруа акаҳуажәырҭа иԥсҭазаараҟны ҭыԥс иааннакыло.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы аӡымҩангага рыԥсахит
-
Ацәхыԥқәа рыда, алашара ақәырԥханы: Аҟәа аԥшаҳәаҿы абульвар мҩа шьҭарҵоит