Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гогьиа Жәлар Реизарахь аиҭалхрақәа рзы: ауаа рнеишьала алхрақәа идырааԥсеит уҳәо иҟам

© Sputnik / Томас ТхайцукТамаз Гогия
Тамаз Гогия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа ажурналистцәа рзы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы амҽыша, ԥхынгәы 12 рзы имҩаԥысыз Жәлар Реизарахь аиҭалхрақәа ахәшьара риҭеит.
Гогьиа Жәлар реизарахь аиҭалхрақәа рзы: ауаа рнеишьала алхрақәа идырааԥсеит уҳәартә иҟам

"Алхрақәа уаҳа наҭахымкәа имҩаԥысит, ибзианы, иҭынчны. Аиашазы ажәлар алхрақәа идырааԥсеит ҳәа уҳәартә иҟам, ауаа алхрақәа рахь инеит, рнеишьагьы бзиан. Ашшыбӷьыцқәа ҳәа акгьы ҳмоуит, аҽыԥныҳәагьы аӡәгьы иҟынтә иҟам. Аиааира згаз алызкаауа аокруг ауп. Дара арахь иаарышьҭуеит абыжьқәа, ҳара игәаҳҭоит урҭ азакәан шьаҭа ахьынӡарымоу. Русура зегьы аагәаҭаны ауп алҵшәақәагьы анрылаҳәахо", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гогьиа.

Гогьиа иажәақәа рыла, мчыбжьык иалагӡаны алхратә комиссиа хадаҿы аиааира згаз адепутатцәа арегистрациа рзухоит. Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҿгьы аиҭалхрақәа ррыцхә ари аамҭа иалагӡаны ишьақәыргылахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит Аԥсны алхратә комиссиа хада ахантәаҩы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0